• Аҧсуа чара. Абхазская свадьба: приезд невесты. Abkhazian wedding: arrival of the bride

Шәышықәса зхыҵуа аҵла ӷәӷәоуп дац-ҧашәла. Убасҵәҟьа дыҟоуп ауаҩгьы. Иара дыӷәӷәоуп уала-ҭынхала, ихылҵшьҭра адыррала. Дасаниаа ҳажәла хыҧхьаӡарала ирацәам. Ари адунеиаҿ ҳара ҳнаӡоит 25-30 ҭӡы рҟынӡа. Аха ҳауацәа, уамашәа иубаратәа, ирацәоуп. Избан акәзар, ҳара ҳҭоурых ҳцәыӡуам. Сыуацәа, урҭ рахьтә иааигәаӡоу, иреиуоуп Курт-оӷлы ажәла иеиуоу Раули Риурики рҭаацәарақәа. Дареи сареи абшьҭралатәи ҳандуцәа еиҳаби-еиҵби ракәын. Дара ранду деиҳабын, санду деиҵбын. Ранду Катаф лыхьӡын, санду ‒ Иака. Урҭ Гьегьиа Гыд Сагьаса-иҧа иҧҳацәа ракәын. САшьцәа раб &
Back to Top