• Ҧәақәашь Гәагьиааи Ҭаниааи рыҟны сасра. В гостях у Гогия и Тания в селе Пакуаш Очамчирского района
Иацтәи амшаз Ҳазшаз иҭабуп ҳәа иасҳәоит лымкаала. Сыҟан сара амш актәи азбжаз Ҷлоу ақыҭан, Хәыхәыуаа ргәараҭаҿы. Анаҩс Лерик Қриа, сгәылаҷкәын бзиа сицны, сеихауардын аҧсҟы иара иркны, сцеит Ҧақәашьҟа, Гәагьиаа рахь.
Гәагьиаа, лымкаала Нодар Гәагьиа иҭаацәа, Қриаа зынӡа ирзааигәоуп. Нодар иҭаца, иҧа Даҭа иҧшәмаҧҳәыс, ды-Қриаҧҳауп, Лерик иаҳәшьа лоуп. Гәагьиаа ргәараҭаҿ ирызҳауеит ахьырҧар бзиа, Қриаа раҳәшьаҧацәа. Қриаа рҟынтә Гәагьиаа рахь раҧхьаӡа имҩахыҵыз ауаа ргәыҧ сара сакәын аиҳабра азызуаз. Уи Гәагьиаа ирхашҭуам, 15 шықәса еиҵамкәа иш