Ажьырныҳәа
Ажьырныҳәа.
Аныҳәамш аламҭалаз, ҳҭыхратә гәыҧ аҭааит Лыхны ақыҭа. Дара мҩахыҵит ажьира змоу аҭаацәарақәа рыҩнаҭақәа рахь, еиҳагьы инҭкааны еилыркаарц аныҳәа амҩаҧгара аҵасқәеи,уи иаҵоу акәамаҵамеи.
Ианар жәаха ауха, жәытәла ашықәс ҿыц анааиуа, аҧсуаа иазгәарҭоит ажьырныҳәа. Абиҧарак аҿынтә даҽа биҧарак ахь ииасуа ари аныҳәа, зқьы шықәсақәа иргәылсны иаауеит. Ари ақьабз иқәныҟәоит жәпакы аҩнаҭақәа рҿы. Лахны ақыҭа инхо, зықәрахь инеихьо, Мышьа Лакәиа имоуп ажьира, иабацәа урҭ рабацәа инеимнда-ааимдо иаарг